Архитектура


Архитектура (ажәытә бырзен бызшәа аҟынтә: ἀρχι-, «ахада», τέκτων, «аԥҵаҩы»), мамзаргьы аргылаҟазара — ари ахыбрақәа раргылареи, рыпроектҟаҵареи рзы (акомплексқәагьы налаҵаны) аҟазареи аҭцаарадырреи ауп. Иара убас ауаҩы иԥсҭазаареи иусуреи рзы аҭыԥтә ҭагылазаашьа аԥнаҵоит.[1][2][3][4] Архитектура ауаа рыԥсҭазаареи русуреи рзы, урҭ ргәазыҳәарақәеи, иара убасгьы ҳаамҭазтәи атехникатә алшарақәеи, аестетикатәи асахьаркыратә хәаԥшышьақәеи инарықәшәо материалла еиҿкаау аҭагылазаашьа аԥнаҵоит.[2][3] Архитектураҿы еидҳәалоуп аобиектқәа рфонкционалтә (хықәкы, ахәарҭа), ртехникатә (аӷәӷәара, амчхара), аестетикатә (аԥшӡара) ҟазшьақәеи урҭ рсахьаркыратә ҵаки.[2]
Еизааигәоу атерминқәа, иара убас еиԥшу аетимологиа змоу аха синонимқәам: архитектоникеи, атектоникеи роуп.
Архитектура ҟазарак аҳасабала асахьаркыратә ҵаки аҷыдареи иреиӷьны иаанарԥшуеит аклассикатә Витрувиа Итриада: Аӷәӷәара, Ахәарҭара, Аԥшӡара (алаҭын: Firmitas, Utilitas, Venustas). Анаҩс, ари аформула инарҭбааны еилдырго иалагеит — архитектор аус зциуа х-дунеик, мамзаргьы «аҳрақәа» хԥа ҳәа.[5]
Ажәытәтәи римтәи архитектор Витруви иаликааит «архитектура ахәҭақәа» фба:
- аординациа (ашьақәгылашьа, ма аиҿкаара; абырзен. taxis), ҳаамҭазтәи акомпозициа атеориаҿы «аконструкциа» ҳәа изышьҭоу аилкаара иазааигәоуп;
- аԥшӡара (арԥшӡага);
- Аишьашәалара (апропорционалра);
- Аекономиа (аҳасабра);
- аевритмиа (аҭышәынтәалара);
- адистрибуциа, мамзаргьы ахыбрақәа рҭыԥ маншәала.[6]
Архитектуратә усумҭақәа лассы-лассы аҟазаратә усумҭақәа, акультуратә, мамзаргьы аполитикатә символқәа раҳасабала ирыдыркылоит. Аҭоурыхтә цивилизациақәа рхатәы архитектуратә еихьӡарақәа рыла иҳәаақәҵахоит. Архитектура иалнаршоит ауаажәларра рыԥсҭазааратә функциақәа рынагӡара, убри аамҭазы аԥсҭазааратә процессқәа мҩақәнаҵоит. Аха архитектура иаԥҵахоит ауаа рылшарақәеи рҭахрақәеи инарықәыршәаны.[4]
Аҭыԥ аус адулара маҭәарс иамоуп иара убас иааидкыланы аиланхарҭа аиҿкаарагьы. Ари аус — ақалақьргылара ҳәа хазы хырхарҭаны иалкаахеит.[4] Уахь иаҵанакуеит ауаажәларра-економикатә, аргылара-техникатә, архитектура-сахьаркыратә, асанитар-гигиенатә проблемақәа ркомплекс. Убри иахҟьаны ақалақьргылара атәы узымдыркәа, архитектуратә ргыламҭа ииашаны ахәшьара аҭара уадаҩуп.[7]
Архитектура иадҳәалоу иреиҳаӡоу жәларбжьаратәи анашьамҭақәа ируакуп архитектура аганахьала еиҳа иналукааша аихьӡарақәа рзы есышықәса иранашьахо Притцкертәи апремиа.
1996 шықәсазы Барселона имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи архитекторцәа реидгыла (МСА) Аҩажәатәи ассамблеиа Хада аӡбарала, есышықәса жьҭаарамза актәи ашәахьаҽны иазгәарҭоит архитекторцәеи архитектуратә шедеврқәа рыхә зшьои жәларбжьаратәи рзанааҭтә ныҳәа-Адунеизегьтәи архитектура амш.[8]
«Архитектуреи» «аргылаҟазареи» реилкаарақәа реиԥшымзаара
Аурыс ажәа «архитектура» польшатәи абызшәа ахылаԥшрала architektura ажәытә бырз. бызшәа аҟынтәи иаагоуп, αρχιτέκτων — аргылаҩ хада; ἀρχη + τέκτων — ауасҭа (ажәытә урыс архитектонъ); алаҭ. architector).[9] Убри аҟнытә, Урыстәылаҿы «архитектон» ҳәа ишьҭан амҿлых аҟазара аиҳабы (амҿыргылаҩцәа), иара убас иажәхьоу: архитектор, алхитектур.[10] Аргылаҩцәа-ахаҳәеиқәҵаҩцәа реиҳабы даҽакала ишьҭан: аргылаҟазаҩ (ажәытә урыс бызшәа зьдъчии, зьдъ аҟынтә — «ахаҳәтә ҭӡы»; здать — акәаҳара, арҟәыҷра, анышәаԥшь ахьшьра, арӷәӷәара. Ари ажәа иадҳәалоуп ажәытәтәи аҟаҵарба здати - иаанагоит аргылара, аԥҵара.[11] Раԥхьа аргылаҟазара ҳәа изышьҭаз ахаҳәтә ргылара акәын. Ашықәснҵамҭақәа абжьааԥны еиҩнашон аилкаарақәа «иаԥиҵеит» — ахаҳәтә хыбра иргылеит, «иқәиргылеит» — амҿтәы хыбра ҳәа.[12]
Аамҭа цацыԥхьаӡа, ажәытәтәи аурыс ҟазацәеи европатәи аргылаҩцәеи реимадара еиҳа аҽарӷәӷәеит. Уи иахҟьаны, алатин ажәа «архитектор» раԥхьатәи аҵакы аԥсахит. Уаанӡа уи иаанагоз имариоу ауасҭаратә ус акәын, аха уажәшьҭа европатәи «аҭҵаарадырреи» аԥхьагылара змоу аргылара атехнологиақәеи ирсимволхо иалагеит. Уи инашьҭарххны ажәа «аргылаҟазара» даҽа ҵакыкгьы аиуит. Ари аурыс архитектура амилаҭтә традициақәа рыла иаанарԥшуа иалагеит. Убри аҟнытә, ҿырԥштәыс иаагозар, ицәырҵит зегьы еицырзеиԥшу аҳәаақәҵа «аурыс мҿтәы архитектура» ҳәа аилкаара (аетимологиала уахәаԥшуазар: «архитектура» еиҳа ииашахоит). Аха иахьа арҭ аҳәашьақәа рҿы аиҿагылара рбаӡом.[13]
Иналукааша анемец архитектор, атеоретик Готфрид Земпер иоригиналтәу итерминологиаҿы, ақдеихасатә ԥҟара атектоникатә формеиҿкаара иалҵшәоуп, ахаҳәеиқәҵара — астереотомиатә (ажәытә бырзен бызшәа аҟынтәи στερεός — икьакьоу, иӷәӷәоу, убас ажәытә бырзен ажәа τομη-аԥҟара, аихҵәарсҭа).
Архитектор
Архитектор изанааҭ ахь иаҵанакуеит аспециализациақәа рацәаны. Ихадоу рахь иԥхьаӡоуп:
- Апроект архитектор хада, абжьааԥны аиҿкаара напхгаҩыс дамоуп: архитектура-проекттә биуро, мамзаргьы афирма ду, ахолдинг, аконцерн, апроекттәи аарыхратәи хеидкылақәа жәпакы зегьы еидызкыло.
- Архитектор-апроектҟаҵаҩ — уи инапынҵақәа рахь иаҵанакуеит аобиект азеиԥш архитектуратә ӡбара аус адулара: аескизтә проект, апроекттә документациа аԥҵара (атехникатә специалистцәа алархәны): аусуратә ҵәаӷәанҵақәа ркомплектқәа раԥҵаразы ацхырааҩцәа ргәыԥ анапхгара аҭара), амакетҟаҵара (акомпиутертә модельҟаҵара), авидео-презентациа аԥҵара, иара убас архитектуратә проект анагӡара автортә хылаԥшра аҭара;
- Архитектор-ақалақьргылаҩ — аиланхарҭақәа рыплан хадақәеи ақалақьргыларатә документациеи аус адиулоит
- Ақалақь, мамзаргьы араион архитектор хада — апроекттәи агәаҭаратә усбарҭақәа русура еимаздо, ақалақьргылара аусхк аҿы аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рнормативтә зинтә актқәа рынагӡаразы аус адулара ахылаԥшра азҭо — муниципалтә усзуҩуп
- Аинтериер адизаинер (аинтериери амаругақәеи рыпроектҟаҵаҩ) — архитектор-проектҟаҵаҩ иоуп. Уи ахыбрақәа рзеиԥш композициеи астили аԥиҵоит, ишьақәиргылоит аҩнуҵҟатәи ауадақәа рыплани рымҽхаки, иара убасгьы иалихуеит иҩнаиргыло амаҭәарқәа, анаҩс урҭ ирԥшӡаны еиҿикаауеит;
- Аландшафттә архитектор — аҭыԥтә ӡбамҭақәеи, аҵакырақәа ариаҵәареи реиқәыршәареи рзы апроектқәа шьақәзыргыло, архитектуратә форма маҷқәа аус рыдызуло иоуп: (адекоративтә вазонқәа аӡыршәқәа, атәарҭақәа, амчандырқәа, астелақәа, алашарбагақәа)
- Архитектура аганахьала аҭҵаарадырратәи арҵаҩратәи усура мҩаԥызго аҭоурыхҭҵааҩ, атеоретик
- Архитектор-ареставратор — атрибуциеи, абаҟа аҭҵаареи, еиуеиԥшым аекспертизақәеи, апрактикатә реставрациеи, аиҭашьақәыргылареи мамзар аиҭарҿыцреи рзы аспециалистцәа ргәыԥ напхгара азҭо иоуп
- Архитектор-аексперт — апроекттә документациа адәахьтәи аекспертиза азызуа иоуп
Архитектор изанааҭ аҟазаратә занааҭуп, насгьы ихақәиҭуп ҳәа иԥхьаӡоуп; архитектор иусураҿы иҽазишәоит ихьыԥшымкәа аҟазаара, аԥшӡареи ахәарҭареи ирызку иҩнуҵҟатәи гәаанагарақәа рымацара дрықәныҟәоит. Аха уи иусура акультуреи, аҭоурыхи, иҟоу аматериалқәеи атехникеи ирхьыԥшуп. Иара иуалуп ахыбра ахәарҭареи аӷәӷәареи зҭаху азакәанқәа рықәныҟәара, иара убас аҿаҵаҩцәеи аинвесторцәеи рҭахрақәа наигӡалароуп.
Архитектура аҟазаратә хкык аҳасабала

Архитектура атеоретик А.И. Некрасов иҩуан архитектура «аԥсҭазаара иҭаӡарҭоуп» ҳәа, уи иахҟьаны ицәырҵуеит «аԥсҭазаара ахьӡала аҭыԥ аӡбара», убри аҟнытә ақәыԥшыларагьы, амҽхакгьы, амассагьы ҷыдарак аҳасабала ирыдыркылоит, убри ауп архитектура аҵакгьы.[14] Аҭыԥ асахьаркыратә хаҿсахьа архитектуратә ҟазара амаҭәар шьақәнаргылоит. Убри аҟынтә «архитектура аҟазара материалс иамоу ахаҳәи амҿи ракәӡам, аҭыԥи аамҭеи роуп». Архитектура аҟазаратә хкык аҳасабала адоуҳатәи аматериалтәи Акультура асферахь иаҵанакуеит. Аутилитартә ргылареи аестетикатә усуреи иреиԥшымкәа, иаҳҳәап адизаин, архитектура ҟазарак аҳасабала асахьаркыра-ԥшра змоу ауснагӡатәқәа аӡбоит, даҽакала иуҳәозар, асахьаркыратә хаҿсахьақәа рыла аҭыԥи аамҭеи ирызкны ауаҩы имоу игәаанагареи, иара убас адунеи аҿы ауаҩы иааникыло аҭыԥ атәы аанарԥшуеит.[15]
Ауаажәларра рҭоурыхтә ҿиара иҳәаақәнаҵоит архитектуратә рҿиара афункциақәа, акомпозициатә хкқәеи ажанрқәеи (еиҿкаау аҩныҵҟатәи аҭыԥ змоу ахыбрақәа, иаарту аҭыԥқәа шьақәзыргыло аргыларақәа, ансамбльқәа), атехникатә конструктивтә системақәа, архитектуратә ргыларақәа рсахьаркыратә шьақәгылашьа.
Ахаҿсахьақәа рышьақәгылашьа аметод ала архитектура исахьаркым (атектоникатә) ҟазара хкқәа рахь иԥхьаӡоуп, урҭ анеикониатә (аконвенциатә) дыргақәа рхы иадырхәоит, мамзаргьы абстракциатә хаҿсахьақәа, амаҭәарқәа, ацәырҵрақәа, ишиашоу ассоциативтә еилкааратә механизмқәа рахь ирхоу аусқәа.[16]
Архитектура аҩымҭа апрагматикатә хәшьара ахатә афункционалтә хықәкы амаҵ аур шалшо агәаанагарақәа рыла иҳәаақәҵахоит.[4]
Аха, ас еиԥш иҟоу ганкахьалатәи аҳәаақәҵара аҟазара аҭоурыхҭҵааҩцәеи атеоретикцәеи аимак-аиҿак рызцәырнагоит, архитектура ацәырҵра азҵаарагьы уахь иналаҵаны. Раԥхьа игылоуп: амшцәгьа аҽацәыхьчаразы иаҭаху аутилитартә ҭахрақәа, мамзаргьы адоуҳатә ҭахра «ауаҩы исахьарку амодель аҿы иҩбатәра» (М.С. Каган иҳәаақәҵара).
Актәи ахшыҩҵак ишьақәнарӷәӷәоит еицырдыруа «Витруви иқьала». Уи иаҳнарбоит архитектура ақьала еиԥшу, имариоу ажәытә ҽыԥхьакырҭала ишалагаз. Даҽа ҿырԥштәык акәны иҟоуп Г. Земпер имодель. Ари ԥшь-ҵәҩанҵәылатә шьаҟақәа рыла иргылоу «акуб» ауп. Арҭ ашьаҟақәа ахҵысҭақәа рыла еимадоуп, иара убасгьы аҭӡамцқәа ишшны иркуп.
Аҩбатәи аилыркаара архитектура асахьаҭыхратә ҟазшьа азҵаара иадҳәалоуп.
Атрадициатә хәаԥшышьала архитектуреи, аҩычага-хархәаратә ҟазареи, ааглыхратә дизаини «иҿыханҵатәым», мамзаргьы «архитектоникатә» ҳәа изышьҭоу аҟазара хкқәа рахь иаҵанакуеит (А. В. Иконников, М. С. Каган).
Уи аҭыԥан, А. Г. Габричевски, Б. Р. Уиппер, Г. Зедльмаир уҳәа аҵарауаа аӡәырҩы архитектура асахьаркыратә ҟазара иахырыԥхьаӡалон. Аха дара архитектуратә ҟазараҿы исахьаркны, ирԥшӡаны иаарԥшу ахархәагақәа аҿыханҵеи, аграфикеи, аскульптуреи ирыҿурԥшозар, еиҳа абстракттә ҟазшьа шрымоу атәы азгәарҭон. Абасала, Б. Р. Уиппер абжьаратәи аамҭақәа рзы иҟаз аестетика акатегориақәа дырзааҭгылеит: «аԥсабара зырҿио» (лат. natura naturans) насгьы «иаԥҵоу аԥсабара» (лат. natura naturata). Актәи ахшыҩҵак ҵакыс иамоуп «аԥҵаратә мчқәа рыԥсабара», аҩбатәи ҵакыс иамоуп «ацәырҵрақәа рыԥсабара».[17] Архитектура иаанарԥшуеит «раԥхьатәи аԥсабара»; асахьаҭыхра, аскульптура, аграфика — аҩбатәи. Ус анакәха, зҵаарас иҟоу архитектуратә ҟазара иҷыдоу «иҿыханҵатәым аԥсабара» акәӡам, амаҭәари асахьатә методи рҷыдара ауп.
Архитектор иҟазшьа хадақәа аҭыԥтә еизыҟазаашьақәа ракәны иахьыҟоу азы, ҳара иаҳҳәар ҳалшоит архитектура иаанарԥшуа иааҳакәыршаны иҟоу аҵабырг аформақәа ракәымкәа, афизикатәи адоуҳатәи мчқәа, аенергиа, агәазыҳәарақәа, аҭыԥи аамҭеи рҿы ахәыцрақәа рыԥырра; еиҳа иҭшәоу ҵакыла, уи аргыларатә конструкциа аелементқәа рфункциоуп. Убри азоуп архитектуратә композициаҿы иубо ахәҭақәа зегьы — аҭӡамцқәа, агәашьақәа, акапительқәа, аҵәҩанқәа — аконструктивтә, реалла аус зуа детальқәа ракәымкәа, урҭ зыхәҭақәа аус руҵәҟьо аконструкциа сахьақәоуп, аха урҭ русура адәахьтәи аформақәа ирыҵаҵәахуп.
Асахьақәа рхархәара аметод ала, архитектура традициала ақәыԥшыларатә (апластикатә) ҟазара хкқәа рахь иԥхьаӡоуп, урҭ рырҿиамҭақәа:
- аамҭаҿы рҽымԥсахӡакәа, имҿиакәа аҭыԥ аҿы иҟоуп;
- амаҭәартә ҟазшьа рымоуп;
- амаҭәартә материал аус адулара нагӡахоит;
- ахәаԥшцәа ишиашоу, насгьы лабҿаба ирыдыркылоит.[16][18]

Аха ас еиԥш иҟоу аформалтә морфологиагьы аҵарауаа еимаркуеит. Ашәышықәсақәа рышьҭахь ахыбрақәа рҽырыԥсахуеит, урҭ еиҭашьақәдыргылоит, ҿыцла ихарҭәаахоит. Еиҳарак аинтериерқәа рҽырыԥсахуеит. Урҭ ауаа ирыцынхоит, насгьы аԥшәмацәа рыԥсахреи, урҭ ргьамеи, амодеи, афункциақәеи, асимволикеи рҽыԥсахреи ирыдҳәалоуп. Уи адагьы, архитектура адкылара аамҭала имҩаԥысуеит. Уи адәахьтәи аҩныҵҟатәи архитектуратә ҭыԥ аҿы ахәаԥшҩы иныҟәара аамҭеи акомпозициатә хырхарҭеи амоуп. Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа ахыбрақәа рсемантикеи рсимволикеи акырӡа аҽаԥсахуеит. Г. Зедльмаир иҩуан, архитектура ишалшо «уи еиҳау, уи анаҩс игылоу, уи иҩахыкны акы аарԥшра» ҳәа.[19] Зедльмаир иара убасгьы ишьақәирӷәӷәон архитектура «аҟазарақәа зегьы рзы еиҿызкаауа мчуп» ҳәа, убри азы «аҿыханҵатә адагьы, аҟазарагьы аанырԥшуеит» ҳәа.[20] Ари ахшыҩҵак Микеланџьело иклассикатә афоризмгьы ишьақәнарӷәӷәоит: «Архитектура аҟазарақәа зегьы ирануп».[21]
Абасала, архитектура асахьаркыра-хаҿсахьатә «ахаҳә аҿы ахәыцра» (Г.К. Вагнер иҳәаақәҵа) аҳасабала аҭыԥ-аамҭатә ҟазара хкқәа рахь иаҵанакуеит.[22] XX-XXI ашәышықәсақәа рзы аҟазараҿы имҩаԥысуаз аинтеграциатә трансморфологиатә процессқәа архитектуратә, асахьаркыратә, адизаинтә рҿиара ажанрқәеи, аформақәеи, аметодқәеи еизааигәанартәуеит.[23]
Архитектуратә ҟазара еилыхха иҟоу ахархәагақәа ируакуп ашәагаа, апропорциақәа, аметр, аритм, апластика, атектоника ахышәаҵышәа, ахархәара змоу аматериалқәа рфактуреи, рыԥштәи. Абарҭқәа зегьы архитектуратә композициаҿы рҽеимырдоит.[2] Атектоника аилкаарала аргылара ишыӷәӷәазароу еиԥш, уахьахәаԥшуа иӷәӷәоушәагьы унарбозароуп. Атектоникатә ҭагылазаашьа иҽеим ҳәа агәаанагара цәырҵозар, уи ахыбра ҭышәынтәалам, насгьы зыгәра узымго акы акәны иҟоуп; адекоративтә детальқәа рырацәара мыцхәы ихьанҭоушәа агәаанагара унаҭоит. Абарҭқәа зегьы иҽеим ацәаныррақәа узцәырыргоит.[4] Архитектура ҟазарак аҳасабала лассы-лассы «ишьныхԥсылаз амузыка» ҳәа иашьҭоуп.[24]
Архитектура ахырхарҭа хадақәа
аӷәӷәара (алаҭ. firmitas),
ахәарҭа (алаҭ. utilitas),
аԥшӡара (алаҭ. venustas).
Ахыбрақәеи аргыларақәеи рыпроектҟаҵареи
Амҽхак-апланировкатә проектҟаҵара (архитектура иҭшәоу аҵакала, архитектура) — ахыбрақәеи апроектҟаҵареи рыргылареи ирыдҳәалоу архитектура аҟәша хадоуп.
Архитектуратә усура- архитектуратә обиект аԥҵара хықәкыс измоу,архитекторцәа рзанааҭтә усуроуп, уахьгьы иаҵанакуеит:
- Архитектуратә проект аԥҵара арҿиаратә процесс,
- Аргылареи аиҭашьақәыргылареи рзы апроекттә документациа аҟәшақәа зегьы аус рыдулара, акоординациа рзура,
- архитектуратә обиект аргылара автортә хылаԥшра.
Ақалақьргылара

XX ашәышықәса азбжазы, архитектуратә занааҭ ҩ-хәҭакны еиҟәшеит: «зымҽхак ҭбаау апроектҟаҵара» (ахыбрақәа рыҟаҵара иадҳәалоу — «ахышәаҵышәақәа»), иара убас «ақалақьргылара» (даҽакала иуҳәозар, ақалақьтә раионқәа мамзаргьы афункциарацәатә комплекс дуқәа рыпроектҟаҵара).
«Ақалақьргылара» — ақалақьтә ҭагылазаашьа аҿиареи апланҟаҵареи рыпроблемақәа зыӡбо архитектура аҟәшоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы комплексла иаҵанакуеит ақалақь апланҟаҵаратә ӡбара аҿиара, аобиект ҿыцқәа рыргылара, асанитартә, аекономикатәи аекологиатәи аҷыдарақәа рызҵаарақәа.
Ҳаамҭазтәи ақалақьргылара ашьаҭаркҩы ҳәа дыԥхьаӡоуп Ле Корбиузие.[26] Иара хыԥхьаӡара рацәала ақалақьргыларатә проектқәа итәуп (1922-1945), уаҟа имҩаԥгоуп «зхы иақәиҭу ақалақьтә план» аидеиа, мамзаргьы «ақалақь ариаҵәара» («Илашоу Ақалақь» — Ле Корбиузие ипроект ала). Ари аидеиа XX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ауп ианаларҵәаха.
Архитектуреи ақалақьргылареи реизыҟазаашьа азҵаара ихадоу акы акәны иҟоуп (аимак ацуп).
Архитектуреи ақалақьргылареи реилкаарақәа реизыҟазаашьа иазкны, Афинтәи Ахартиа апункт 92 (Ле Корбиузие еиқәиршәаз, 1933 азы Афины CIAM аконгресс иаднакылаз ақалақьргыларатә манифест) иануп:
Архитектура ихадоу аҵакы аанахәоит. Архитектура иаӡбоит ақалақь аԥеиԥш. Архитектура иҳәаақәнаҵоит анхарҭа аилазаашьа, ақалақьргылара аплан ашьаҭа хада. Архитектура анхарҭақәа акомплекс дуқәа рыла еиднакылоит, ииашоу аҳасабрақәа рышьаҭала.
Хыхь иаагоу аҟынтәи «Афинтәи ахартиа архитектура раԥхьа иаԥхьаӡоит», ауаҩы имҽхак ҭбаа апринцип шьаҭас иҟааны: «Ауаҩы — амаҭәарқәа зегьы ршәага-зага иоуп».
Аха иҟоуп даҽа гәаанагарақәак. Иаҳҳәап Зигфрид Гидион иҩуеит[27]:
Иахьатәи аамҭазы архитекторцәа ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит архитектура уаҵәтәи аԥеиԥш ақалақьргылара иузаҟәымҭхо ишадҳәалоу. Аҩны ԥшӡа заҵәык аҵакы маҷны иамоуп.
Еилкаауп, ари аҩыза азнеишьа хазы игоу ауаҩы имҽхак акәӡам шьаҭас иамоу, асоциалтә гәыԥ дуқәа, иааизакны ауаажәларра рымҽхак ауп.
Асовет ақалақьргыларатә школгьы ақалақь амҽхак аҳасабала ахәыцшьа унарҵон[28]:
Хазы игоу ахыбра ақалақь аҿы иааннакыло аҭып узеилымкаакәа уи аиндивидуалтә ҟазшьа уныруам, иагьузаарԥшуам.
Ақалақьргылаҩ <...> аус адиулоит архитектуратә ргыларақәа раасҭа шәагаалагьы уадаҩралагьы еиҳау аобиектқәа.
Ҳаамҭазтәи урыстәылатәи азакәанԥҵарагьы ақалақьргыларатә аусура архитектуратә усура аасҭа инарҭбааны иахәаԥшуеит. Урыстәылатәи Афедерациа Ақалақьргыларатә кодекс 1-тәи астатиа инақәыршәаны.
Ақалақьргыларатә усура — ари аҵакырадгьылқәа рыҿиара иазку усуроуп, уахь иаҵанакуеит иара убас ақалақьқәеи егьырҭ анхарҭа ҭыԥқәеи, инагӡоуп абарҭ ахкқәа рыла:
- аҵакырадгьылтә планҟаҵара,
- ақалақьргыларатә зонаҟаҵара,
- аҵакыра апланҟаҵара,
- архитектура-ргыларатә апроектҟаҵара,
- аргылара,
- шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара,
- Акапиталтә аргыларатә проектқәа реиҭашьақәыргылара.
XX ашәышықәса анҵәамҭазы, асоциологиеи азеиԥш системақәа ртеориеи реилаҵәараҿы, ақалақьргылара аҟынтәи иалкаахеит «аурбанистика». Уи зхала иҟоу дисциплинаны иҟалеит.
Аландшафттә архитектура

Аландшафттә архитектура — абаҳчақәеи, апаркқәеи, егьырҭ аҭыԥқәеи реиҿкаара иазку, аландшафттәи ашәаԥыџьаԥи материалс иахьрымоу архитектуратә ҟәшоуп. Аландшафттә архитектор апаркқәеи, абаҳчақәеи, ақалақьтә микрараионқәеи, урҭ рыкәша-мыкәша иҟоу аҭыԥқәеи рыриаҵәара инапы алакуп.
Аинтериер адизаин
Аинтериер адизаин — ари архитекторцәеи адизаинерцәеи рзанааҭтә рҿиаратә усуроуп. Урҭ архитектура-сахьаркыратә хархәагақәа рыла ауада аҩнуҵаҟа афункционалтә, аергономикатә иара убас аестетикатә ҭыԥ аԥырҵоит.
Аформа маҷқәа рархитектура
Аформа маҷқәа рархитектура — афункционал-декоративтә обиектқәа (иаҳҳәап агәарақәа), агәалашәаратә ҟазшьа змоу (иаҳҳәап аҳаҭгәынқәа), ақалақь аиҿкааразы иахәҭаку аобиектқәа (иаҳҳәап афонарқәа), аинформациа ныҟәызго аобиектқәа (иаҳҳәап астендқәа, аӡыргаратә ҭӡқәа) зҵазкуа архитектуратә ҟәшоуп.
«Ақьаадтә архитектура»
Ақьаадтә архитектура — ари ахыбрақәа ақьаад аҿы рыпроектҟаҵароуп, анаҩс урҭ рматериализациа хықәкыс измам архитекторцәа ртеориатә усуроуп. «Ақьаадтә архитектура» аҭоурых афантазиатә архитектуратә рҿиара хкык аҳасабала еицырдыруа Џь.Б. Пиранези игравиурақәа рциклқәа ирхырҿиаауеит. Аамҭа ҿыц иаҵанакуа ақьаадтә архитектура ҿырԥштәыс иамоуп Иаков Гьаргь-иԥа Чернихов играфикатә циклқәа.
- Архитектура ахырхарҭақәа
-
Marina Bay Sands амакет; арх. Моше Сафди
-
Life Mounds at Jupiter Artland, Шотландиа; арх. Чарльз Џьенкс
Архитектура атеориа
Аргыларатә жәар[30]
архитектура атеориа ҭҵаарадыррак аҳасабала иҳәаақәнаҵоит, уи аҭҵаара обиектқәаны иҟоуп аԥсабареи архитектура аҷыдареи, архитектура ҟазарак аҳасабала ацәырҵреи, аҿиареи, аусуреи рзеиԥш закәанеизшәарақәеи, уи аҵаки, амҽхаки, аформақәеи.
Иара убас, архитектура атеориа амаҭәар ахь иаҵанакуеит аилкаара хадақәа рсистема (акатегориақәа) — иара убасгьы архитектуратә композициа, афункциа, аформа, аконструкциа, архитектоника, архитектуратә еилазаара, асимметриа, асимметриа, уҳәа убас иҵегьы. Амҽхак — ари адәахьала ирыдыркыло еибгоу, иԥку алагылазаара иахәҭакуп. Архитектуратә ҵакыра ҩныҵҟала ирыдыркыло алагылазаара иахәҭакуп.[31]
Архитектура аҭоурых

Архитектура аҭоурых — аамҭеи аҭыԥи рҿы архитектура афункционалтә, атехникатә, аестетикатә ҿиара ҭызҵаауа ҭҵаарадырроуп.
Архитектуратә стиль
«Архитектуратә стиль» иҳәаақәҵахар алшоит иалкаау аамҭеи аҭыԥи рархитектура аҟазшьа хадақәеи аҷыдарақәеи раҳасабала, уи иааԥшуеит афункционалтә, аконструктивтә, асахьаркыратә ганқәа рҷыдарақәа рыла (ахыбрақәеи, аргыларатә материалқәеи аконструкциақәеи, архитектуратә композициа амаанақәа зызку). Архитектуратә стиль аилкаара астиль азеиԥш еилкаара иахәҭакуп. Ари иалкаау асоциалтәи аекономикатә ҭагылазаашьақәа раан ауаажәларра рҟазареи ркультуреи аганқәа зегьы зҵазкуа адунеи сахьаркыратә хәаԥшышьоуп. Уи еиднакылоит аҟазаҩ ирҿиара аидеиа хадақәеи аҷыдарақәеи.
Архитектуратә стильқәа рыҿиара аҳауатә, атехникатә, адинхаҵаратә, акультуратә факторқәа ирхьыԥшуп.
Архитектура аҿиара ишиашоу аамҭа ишадҳәалоугьы, еснагь астильқәа еишьҭаргыланы рҽырыԥсахӡом, аха идыруп астильқәа альтирнативак аҳасабала аамҭак ала ишеицыҟоугьы (иаҳҳәап, абароккои аклассицизми, амодерни аеклектикеи, афункционализм, аконструктивизм, ар-деко).[33]
Архитектуратә стиль, аҟазараҿы иҟоу астиль еиԥш — ҭагылазаашьатә еилкаароуп. Уи европатәи архитектура аҭоурых азхәыцразы иманшәалоуп. Аха регионқәак рархитектура аҭоурых аиҿырԥшразы астиль хцәажәагатә хархәагак аҳасабала ианаалом.
Иҟоуп убас еиԥш стильқәак (иаҳҳәап, амодерн) еиуеиԥшым атәылақәа рҿы еиуеиԥшымкәа ахьӡқәа змоу.
Апостмодернисттә парадигма аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәгылеит афилософиеи абызшәатә хархәагақәеи рыла еиԥшым ахырхарҭақәа рацәаны. Хырхарҭак ахьыԥшымразы аҭҵаарадырратә аима-аиҿакқәа ыҟанаҵ, атерминологиаҿы акзаара ыҟаӡам, ҟалашьагьы амаӡам.
Иарбоу агхақәа шыҟоугьы, астиль хцәажәагатә хархәагак аҳасабала архитектура аҭоурых аҭҵаарадырратә метод иахәҭакуп, избанзар архитектуратә хәыцра аҿиара аглобалтә вектор ашьклаԥшра алнаршоит.
Азгәаҭақәа
- ↑ Архитектура // Новая иллюстрированная энциклопедия. Кн. 2. Ар-Би. — М.: Большая Российская энциклопедия, 2002. — 256 с.: ил. — С. 21—22. — ISBN 5-85270-192-0 (кн. 2), ISBN 5-85270-218-8.
- ↑ 2,0 2,1 2,2 2,3 Архитектура //Архитектура // Большой Энциклопедический словарь. — 2000.
- ↑ 3,0 3,1 "Архитектура //Энциклопедия Кругосвет". Иархивтәоу аоригиналзы 26 жьҭаарамза 2014 ахь. Ириашоу 26 жьҭаарамза 2014 шықәсазы.
- ↑ 4,0 4,1 4,2 4,3 4,4 А. В. Иконников. Архитектура // Большая Советская Энциклопедия. 3-е изд. / Гл. ред. А. М. Прохоров. — М.: Советская Энциклопедия, 1970. — Т. 2. Ангола — Барзас. — С. 296—302.
- ↑ Prak N. L. The Language of Architecture: A Contribution to Architectural Theory. The Hague-Paris, 1968
- ↑ Витрувий. Десять книг об архитектуре. — М.: КомКнига, 2005. — С. 11—14 (Кн. I, Глава II, 1—9)
- ↑ А. Гутнов, В. Глазычев. Мир архитектуры. — Москва: Молодая гвардия, 1990. — 351 с. — 200 000 экз. — ISBN 5-235-00487-6.
- ↑ World Day of Architecture — Message from the UIA President Архив ҟаҵан 2014-01-03 азы Wayback Machine аҟны.
- ↑ Фасмер М. Этимологический словарь русского языка. В 4-х т. — М.: Прогресс, 1986—1987. — Т. 1. С. — 91
- ↑ Фасмер М. — Т. 1. С. — 89
- ↑ Преображенский, А. Этимологический словарь русского языка. — М.: Типография г. Лиссиера и Д. Совко, 1910—1914. — С. 246—247.
- ↑ Асеев Ю. С. Архитектура древнего Киева. Издательство «Будiвельник». Киев, 1982
- ↑ Власов В. Г. Архитектура. Классика и современность. Учебно-методическое пособие — СПб.: Изд-во СПб. Гос. Ун-та, 2014. — С. 8—9
- ↑ Некрасов А. И. Теория архитектуры. — М.: Стройиздат, 1994. — С. 41— 42
- ↑ Власов В. Г. Архитектура // Власов В. Г. Новый энциклопедический словарь изобразительного искусства: В.10 т. СПб.: Азбука-Классика, т. 1, 2004. С. 487—497.
- ↑ 16,0 16,1 "Проект apxu.ru — Художественно-творческая деятельность человека". Иархивтәоу аоригиналзы 14 рашәарамза 2011 ахь. Ириашоу 15 ԥхынҷкәынмза 2010 шықәсазы.
- ↑ Виппер Б. Р. Статьи об искусстве. — М.: Искусство, 1970. — С. 355—357.
- ↑ "Глоссарий.ru". Иархивтәоу аоригиналзы 1 рашәарамза 2011 ахь. Ириашоу 15 ԥхынҷкәынмза 2010 шықәсазы.
- ↑ Sedlmayr H. Die Architektur Borrominis. — Berlin, 1930; Sedlmayr H. Die Entstehung der Kathedrale. — München, 1951; На рус. яз. см.: История архитектуры в избранных отрывках. М.: Изд-во Всесоюзной Академии архитектуры, 1935. С. 298—338
- ↑ Зедльмайр Х. Искусство и ситина. — . — М.: Искусствознание, 1999. — С. 10
- ↑ Письмо Б. Варки. Апрель — июнь 1547 г.
- ↑ Власов В. Г. Архитектура как изобразительное искусство. Теория открытой формы, принцип партиципации и синоптический подход в искусствознании // Электронный научный журнал «Архитектон: известия вузов». УралГАХУ, 2018. — № 61.
- ↑ Власов В. Г. Дизайн-архитектура и XXI век // Электронный научный журнал «Архитектон: известия вузов». — УралГАХА, 2013. — № 41
- ↑ Власов В. Г. Архитектура — застывшая музыка или движущаяся мелодия? (спасёт гравитация, а не крещендо) // Электронный научный журнал «Архитектон: известия вузов». — УралГАХУ, 2016. — № 53. — № 41.
- ↑ Витрувий. Десять книг об архитектуре. Пер. с лат. Ф. А. Петровского. — М.: Едиториал УРСС, 2003.
- ↑ Ле Корбюзье. Три формы расселения. Афинская хартия = Пер. с франц. Ж. Розенбаума. Послесл. Ю. Бочарова и А. Раппапорта. — М.: Стройиздат, 1976. — 136 с.
- ↑ Гидион, Зигфрид. Пространство. Время. Архитектура = Перевод. изд.: Raum, Zeit, Architektur: Die Entstehung einer neuen Tradition / S. Giedion — Ravensburg / Сокр. пер. с нем. М.В. Леонене, И.Л. Черня.. — 3-е изд. — М.: Стройиздат, 1984. — С. 39. — 455 с., ил. с.
- ↑ Гутнов А.Э. Эволюция градостроительства. — М.: Стройиздат, 1984. — С. 5. — 256 с., ил. с.
- ↑ "Архитектура — застывшая музыка". Иархивтәоу аоригиналзы 26 нанҳәамза 2014 ахь. Ириашоу 26 жьҭаарамза 2014 шықәсазы.
- ↑ Терминологический словарь по строительству на 12 языках. — М.: «Русский язык».
- ↑ Очерки теории архитектурной композиции / Гл. ред. А.И. Гегелло. — М.: Гос. изд-во лит-ры по стр-ву, архитектуре и стр. материалам, 1960.
- ↑ Иллюстрация из «Энциклопедии, или Толкового словаря наук, искусств и ремёсел». Франция, XVIII век
- ↑ Давидич Т. Ф. Стиль как язык архитектуры. — Харьков: Изд-во Гуманитарный центр, 2010. — 336 с. — ISBN 978-966-8324-70-3.
Алитература
- Колин Эллард. Среда обитания: Как архитектура влияет на наше поведение и самочувствие = Colin Ellard “Places of the Heart: The Psychogeography of Everyday Life”. — М.: Альпина Паблишер, 2016. — 282 p. — 2000 экз. — ISBN 978-5-9614-5390-4.
Азхьарԥшқәа
- Архитектура // Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона : в 86 т. (82 т. и 4 доп.). — СПб., 1890—1907.
- Архитектура в Open Encyclopedia Project