Перейти к содержанию

Ацивилизациа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Еиуеиԥшым ацивилизациақәа рмаҭәартә шьҭа-мҭақәа

Ацивилизациа (алат. civilis аҟынтә — атәылауаҩратә, аҳәынҭқарратә):

  1. 1. азеиԥшфилософиатә ҵакала: аматериа аиҭаҵра асоциалтә форма, ахалаҿиаразы алшара азҭо иара, ахалеиҿкаарала аҭышәынтәалареи иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабареи ҳаимдара (акосмостә еибаркыра амҽхак змоу ауаҩытәыҩсатә цивилизациа);
  2. 2. аҭоурых-философиатә ҵакала: ауаатәыҩса рҭоурыхтә процесси, рматериал-техникатәи, рдоуҳатәи еихьӡарақәа ракзаара иара апроцесс аҿы (ауаҩытәыҩсатә цивилизациа Адгьыл аҭоурых аҿы);
  3. 3. асоциалтә ҩаӡара аҟынӡа анаӡара иадҳәалоу адунеизегьтәи аҭоурыхтә процесс астадиа (ауаажәларратә хдырра ахкырацәараан, аԥсабара иахьынӡазалшо ахьԥшымреи, ахалеиҿкаареи, ахалаарыхреи рстадиа);
  4. 4. аамҭеи ақәыԥшылареи рҿы аҭыԥ змоу ауаажәларра. Аҭыԥантәи ацивилизациақәа иаку системақәоуп, урҭ асистема аекономикатәи, аполитикатәи, асоциалтәи, адоуҳатәи аҟәшақәа реизак ауп, аԥсҭазааратә еикәшара азакәанқәа рыла иҿиауеит.[1]

Атермин "ацивилизациа" раԥхьаӡа аҭҵаарадырра иалазгалаз дреиуоуп афилософ Адам Фергиусон, ари атермин ауаатәыҩса реилазаара аҿиараҿы астадиа, ауаажәларратә гәыԥқәа, иара убас ақалақьқәа, аҩыра уҳәа реиԥш иҟоу ацәырҵрақәа рыҟазаара аазырԥшуа акәны дахәаԥшуан. Шотландиатәи аҵарауаа ирыдыргалаз адунеитә ҭоурых стадиала аихшара (абнауаҩра — аварварра — ацивилизациа) аҭҵаарадырратә еилазаарақәа рҿы адгылара аман XVIII ашәышықәса анҵәамҭеи XIX ашәышықәса алагамҭеи рзы, аха XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзы аҭоурых хкы рацәала елаԥсоу, аамҭа-аамҭала еиҭаҳәахо акы акәны азнеишьа аҽыҳаранкуа ианыҟала, азеиԥш еилкаара «ацивилизациа» еиҳа — еиҳа иаҵанакуа иалагеит «аҭыԥантәи ацивилизациақәа».[2][3]

Атермин ацәырҵра

Атермин «ацивилизациа» ацәырҵра аамҭа ашьақәыргылара иҽазԥишәеит афранцыз ҭоурыхҭҵааҩ Лиусиен Февр. Иусумҭа "Ацивилизациа: ажәеи аидеиақәа ргәыԥи рыҿиашьа" аҟны иаирбеит атермин раԥхьатәи кьыԥхьла ацәырҵра афранцыз философ Буланже иусумҭа "Зҵасқәа рҿы иҿаԥҽу Ажәытәра" (1766) аҿы ишарбоу.

«Абнауаа ацивилизациа анрылслак, ажәлар еилыкка, ҿагылашьа змам азакәанқәа анрырҭалак ашьҭахь, ацивилизациатә еиҭаҵра хыркәшоуп ҳәа зынӡа иԥхьаӡатәым: ирыҭоу азакәанԥҵара ацивилизациа иацнеиуа акәны иазнеиуазароуп.»

Ари ашәҟәы автор иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ауп адунеи анабаз, насгьы аԥхьатәи авариант ала акәымкәа, абарон фон Гольбах — уи аамҭазы еицырдыруаз анеологизмқәа равтор, иалеигалаз хра злоу акорректурала. Гольбах иавторра, Февр игәы излаанаго ала, иашазар ҟалоит, Буланже иусумҭаҿы атермин знык аӡбахә злеиҳәаз ала, Гольбах иакәзар, изныкымкәа ихы иаирхәахьан аилкаарақәеи атерминқәеи «ацивилизациа», «арцивилизациара», «ацивилизациа злысхьоу» иусумҭақәа «Ауаажәларра рсистема» «Аԥсабара асистема» рҿы. Убри инаркны атермин аҭҵаарадырра иаднакылоит, 1798 шықәсазы иара раԥхьаӡа акәны «Академиа ажәар» ахь инанагоит.[4]

Швеицариатәи акультура аҭоурыхҭҵааҩ Жан Старобински иҭҵаараҿы Буланже, Гольбах рыӡбахә иҳәаӡом. Иара игәаанагарала, атермин «ацивилизациа» автор, Виктор Мирабо «Ауаатәыҩса рҩыза» ҳәа имоу аусумҭеи иареи роуп (1757).[5]

Ус шакәугьы, атермин асоциокультуратә ҵакы аанахәаанӡа (акультура аҿиара астадиақәа, абнауаҩреи аварварреи ирҿаргылоу) — аамҭа иарӡыз ашьаус процесс аграждантә процессқәа рышҟа ииазго аӡбамҭа — азиндырратә ҵакы шамаз, авторцәа аҩыџьагьы иазгәарҭоит.

Иара убас, афранцыз бызшәадырҩы Емиль Бенвенист атермин ахархәараҿы аԥхьахә амаркиз де Мирабо ииҭеит, Февр инаишьҭарххны дазааҭгылеит ахьыӡҟа civilisation (афранк ҳәашьала [сивилизасион]) акыр ихьшәаны ишцәырҵыз, уи аамҭазы аҟаҵарба civiliser («аҟазшьақәа рырԥсыҽра, аҵара дырҵара»), насгьы алахәыра аҟынтәи аҟазшьарба civilisé («ааӡара бзиа змоу, аҵара змоу»), рхы иадырхәоижьҭеи акрааҵуан. Ас еиԥш аҟалара, аҵарауаҩ атехникатә ҟазшьа змоу абстракттә хьыӡҟақәа ркласс иамоу (усҟантәи аамҭазы) алҵшәа ԥсыҽ иабзоуроуп ҳәа аилыркаа ҟаиҵоит: -isation ала анҵәамҭа змаз ажәақәа маҷны ирылаҵәаны, урҭ рхыԥхьаӡара ԥшьаала иазҳауан (иҟаз ажәақәа fertilisation ([фертилизасион] «адгьыл арҵәыра»), thésaurisation ([тезоризасион] «аԥара аизгара, атезаврациа»), temporisation ([теморизасион] «азыԥшра; ахашәала аиура аамҭа»), organisation ([организасйон] «аиҿкаара»). Ари ахыԥхьаӡара маҷ аҟынтәи ажәақәа organisation, civilisation роуп «аҭагылазаара» аҵакахьы ииасыз, егьырҭ «арҿиара» мацара аҵакы еиқәдырхеит).[6]

Ари аҩыза аеволиуциа (азиндырратә ҵакы инаркны асоциалтә ҵакаҟынӡа) ажәа ахысуан Англиагьы, аха уаҟа акьыԥхь ҭыжьымҭаҿы ицәырҵит Мирабо ишәҟәы анҭыҵ ашьҭахь жәохә шықәса ааҵуаны (1772). Ус шакәугьы ари ажәа аӡбахә аҳәашьақәа иадырбоит иара уаанӡагьы ахархәарахь ишнеихьаз, терминк аҳасабала алаҵәара аццакышьагьы уеилнаркаауеит. Бенвенист иҭҵаара ианарбоит Британиа ду ажәа civilization (нбанк ала аиԥшымзаара) ацәырҵра шамахамзар асинхронтә ҟазшьа шамаз.[азгә. 1] Англыз бызшәа аҭҵаарадырратә терминологиахь иалеигалеит шотландиатәи афилософ Адам Фергиусон, аԥҵамҭа «Атәылуаҩратә уаажәларра аҭоурых аԥышәа» автор (англ. An Essay on the History of Civil Society, 1767), иара уа аҩбатәи адаҟьаҿы иагьазгәеиҭеит[7]:

«

Асабира инаркны ашәрахь амҩа данысуеит дарбанзаалак хаз игоу аиндивид имацара иакәымкәа, абнауаҩра аҟынтәи ацивилизациахь ицо ауаатәыҩса рыхкы ахаҭагьы.

Not only the individual advances from infancy to manhood, but the species itself from rudeness to civilization.
»

Бенвенист атермин авторреи Фергиусон афранцыз терминологиаҟынтәи мамзаргьы иколлега заатәи иусумҭақәа рҟынтәи аилкаара амаиԥсахыр шалшоз азҵаареи аартны ишаанижьызгьы, ашотланд ҵарауаҩ иоуп раԥхьаӡа акәны аилкаара «ацивилизациа» адунеитә ҭоурых атеориатә еихшараҿы зхы иазырхәаз, абнауаҩреи аварварреи ирҿазыргылаз. Убри инаркны иарбоу атермин алахьынҵеи Европа аҭоурыхҭҵааратә хәыцра аҿиареи еиларсхеит.[8]

Ацивилизациа ауаажәларратә ҿиара астадиа аҳасабала

Фергиусон ирыдигалаз аихшара XVIII ашәышықәса ахԥатәи азбжа адагьы XIX ашәышықәса зегьы даара ирылаҵәаны иҟан. Уи лҵшәа бзиала рхы иадырхәон Лиуис Морган («Ажәытә уаажәларра»; 1877) Фридрих Енгельс («Аҭаацәеи, ахатә мали, аҳәынҭқарреи рхылҵшьҭра»; 1884).

Ацивилизациа ауаажәларратә ҿиара астадиа аҳасабала, асоциум аԥсабара алкаареи ауаажәларра рыҿиара иԥсабаратәуи иԥсабаратәыми афакторқәа рыбжьара аиԥшымзаарақәа (аиҿагыларақәа рҟынӡа) рцәырҵреи азҷыдароуп. Уажәазы ауаҩы (ма ахшыҩ змоу даҽа ԥстәык) иԥсҭазааратә социалтә факторқәа аԥыжәара рымоуп, ахәыцра аиӷьтәра аԥыжәара агоит. Ари аҿиара аетап иԥсабаратәым алҵшәатә мчқәа иԥсабаратәу раасҭа аԥыжәара ахьрымоу азҷыдароуп.[9]

Иара убас ацивилизациа аҷыдарақәа рахь иаҵанакуеит адгьылқәаарыхреи анапҟазареи рыҿиара, акласстә уаажәларра, аҳәынҭқарра, ақалақьқәа, ахәаахәҭра, ахатә мал, аԥара рыҟазаара, насгьы амонументалтә ргылара, «акыр» иҿиоу адин, аҩыра уҳәа. Афилософ мрагылараҭҵааҩы Б. С. Ерасов[10][азгә. 2] ацивилизациеи аварварра астадиеи злеиԥшым абарҭ акритериқәа аликааит[10]:

  1. 1. Аџьа аихшара шьаҭас измоу аекономикатә еизыҟазаашьақәа рсистема — ииаалоу (азанааҭтәи аихшаратә занааҭҷыдеи), хагәҵәылатәи (асоциалтә стратификациа);
  2. 2. Напхгара зуа акласс, аарыхра ахархәагақәа (зыԥсы ҭоу аџьабаагьы налаҵаны) хылаԥшра рынаҭоит, уи аԥхьатәи аҭыжьыҩцәа ирымырхуа аалыҵ аизакреи ашәахтәқәеи рыла аиҭеихшареи мҩаԥнагоит, иара убас ауаажәларратә усурақәа рымҩаԥгаразы аусуратә мчы ахархәара анаҭоит;
  3. 3. Азанааҭтә ҭуџьарцәа, мамзаргьы аҳәынҭқарра хылаԥшра зырҭо, ишиашоу аиҭныԥсахлареи амаҵзурақәеи наскьазго аиҭныԥсахларатә ҳа аҟазаара;
  4. 4. Анагӡаратәи административтәи функциақәа знапаҿы еизызго ауаажәларра рҿыгҳара аԥыжәара ахьамоу аполитикатә еилазаашьа.

Ахылҵшьҭреи аиуареи рыла еибарку ахылҵшьҭратә еилазаара, амч ахархәара азҭо анапхгаратә класс амчрала иԥсаххоит. Асоциал-класстә еизыҟазаашьақәа рсистемеи аҵакырадгьыл акзаареи алзыршо аҳәынҭқарра, ацивилизациатә политикатә система шьаҭас иамоуп.

Хкы рацәала елаԥсоу аҭыԥантәи ацивилизациақәеи, аамҭа-аамҭала еиҭаҳәахо аҭоурых ахәаԥшышьеи

Аҭыԥантәи ацивилизациақәа рыҭҵаара

XIX ашәышықәсазы европатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа мрагыларатәи аилазаарақәа рзы раԥхьатәи адыррақәа анроу, алкаа ҟарҵеит ацивилизациатә ҿиара астадиаҿы иҟоу аилазаарақәа рыбжьара зхаҭабзиара ҳараку аиԥшымзаарақәа ыҟазар шалшо, уи иалнаршеит "цивилизациак" акәымкәа "цивилизациақәак"рылацәажәара. Амала, европатәиуи европатәими акультурақәа рыбжьара акультуратә еиԥшымзаарақәа рзы агәаанагарақәа уаанӡагьы ицәырҵит: иаагозар, урыстәылатәи аҭҵааҩы И. Ионов италиатәи афилософ Џьамбаттиста Вико (1668-1744) «китаитәи аимператор даараӡа акультура илоуп» ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭақәа китаитәи ацивилизациа ҷыда шыҟоу, ус анакәха ацивилизациақәа рырацәара ҟалар шалшо ала аилыркаа ҟаиҵоит. Ус шакәугьы, Вико иидеиақәа ирзааигәаз аидеиақәа аазырԥшуаз Вольтери Иоганн Готфрид Гердери русумҭақәеи рҩымҭақәеи рҿы аилкаара «ацивилизациа» хадаратәмызт, аилкаара "аҭыԥантәи ацивилизациа" зынӡа ахархәара амамызт.[11]

Раԥхьаӡа акәны ажәа «ацивилизациа» ҩ-ҵакык рыла ахархәара аҭан афранцыз шәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Пиер Симон Балланш ишәҟәы «Аҭаҳмадеи арԥыси» аҟны (1820). Ашьҭахь убри аҩыза ахархәара мрагылараҭҵааҩцәа Ежен Биурнуфи Ақьырсиан Лассени рышәҟәы «Пали иазку аочерк» (1826) аҟны, еицырдыруа аныҟәаҩ, аҭҵааҩы Александр фон Гумбольдти егьырҭ ахәыцыҩцәеи аҭҵааҩцәеи гәыԥҩык русумҭақәа рҿы иуԥылоит. Ажәа «ацивилизациа» аҩбатәи аҵакы ахархәара дацхрааит афранцыз ҭоурыхҭҵааҩ Франсуа Гизо, уи изныкымкәа атермин арацәа хыԥхьаӡараҿы ихы иаирхәахьан, аха ус шакәызгьы, аҭоурыхтә ҿиара ацәаҳәа-стадиатә схема дазиашаны даанхон.[3][11][3]

Жозеф Гобино

Раԥхьаӡа акәны атермин «аҭыԥтә цивилизациа» цәырҵит афранцыз философ Шарль Ренувье иусумҭа "Афилософиа иазку ахархәага" аҟны (1844). Шықәсқәак рышьҭахь адунеи абеит афранцыз шәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Жозеф Гобино ишәҟәы «Ауаҩытәыҩсатә расақәа реиҟарамразы аԥышәа» (1853-1855), уаҟа автор иаликааит 10 цивилизациак, дара зегьы рхатәы ҿиарамҩа ианысуеит. Ианцәырҵлак, урҭ зегьы знымзар-зны иҭахоит. Аха ахәыцҩы ацивилизациақәа рыбжьара акультуратә, асоциалтә, аекономикатә еиԥшымзаарақәа зынӡа дрызҿлымҳамызт: иара хьаас имаз ацивилизациақәа рҭоурых аҿы ирзеиԥшны иҟаз акәын — аристократиақәа рышьҭыхреи ркаҳареи. Убри аҟнытә иара аҭоурыхфилософиатә концепциа аҭыԥантәи ацивилизациақәа ртеориа бжьаратәла иадҳәалоуп, ишиашоу — аконсерватизм аидеологиа.

Гобино иусумҭақәа ирықәшәо аидеиақәа ааирԥшуан германиатәи аҭоурыхҭҵааҩ Генрих Риуккертгьы, уи ауаатәыҩса рҭоурых — иаку процессӡам, инаваргыланы имҩаԥысуа акультура-ҭоурыхтә шарақәа рпроцессқәа реицҵалыҵ ауп алкаа дазааит. Риуккерт раԥхьаӡа акәны дазхьаԥшит ацивилизациақәа рҳәаақәа апроблема, урҭ реигәныҩра, рыҩныҵҟатә структуратә еизыҟазаашьақәа. Убри инаваргыланы Риуккерт адунеи зегьы Европа обиект аҳасабала анырра азҭо (мамзаргьы Европатәи ацивилизациа иаԥхьагылоу аҳасабала) дахәаԥшуан, уи иабзоурахеит иконцепциаҿы ацивилизациақәа аиерархиатә знеишьа ацәынхақәа рыҟазаара, урҭ реиҟарареи рхатә гәазыҳәареи мап рыцәкра.[11]

Н. Иа. Данилевски

Европоцентрикатәым ахдыррала, ацивилизациатә еизыҟазаашьақәа раԥхьа рыхәаԥшра илшеит ишәҟәы «Урыстәылеи Европеи» (1869) аҟны иажәуа мраҭашәараевропатәи ацивилизациа мрагылараевропатәи — аславиан цивилизациа қәыԥш иаҿазыргылаз[азгә. 3] асоциолог Николаи Иаков-иԥа Данилевски. Апанславизм аурыс идеолог иарбан культура-ҭоурыхтә хкызаалак егьырҭ раасҭа иҿиоуп, иҳаракуп ҳәа аԥхьаӡара шзалымшо азгәеиҭон. Мраҭашәаратәи Европа уи иалкьны хазы иҟам. Афилософ, зны-зынла аславиан жәларқәа мраҭашәаратәи ргәылацәа раасҭа аԥыжәара шрымоу арбо, ари ахшыҩҵак аҵыхәтәанынӡа изнагом.

Освальд Шпенглер

Аҭыԥантәи ацивилизациақәа ртеориа ашьақәгылараҿы анаҩстәи хҭыс дуны иҟалеит германиатәи афилософ, акультуролог Освальд Шпенглер иусумҭа «Европа аҭашәара» (1918). Шпенглер аурыс хәыцҩы иусура идыруазу цқьа еилкаам, аха арҭ аҵарауаа рылкаақәа хра злоу ахәҭа хадақәа зегьы рҿы еиԥшуп. Данилевски иеиԥш, «Ажәытә дунеи — Абжьаратәи ашәышықәсақәа — Аҿыц аамҭа» ҳәа еицрыдыркылахьоу аҭоурых еихшара хымԥада мап ацәкуа, Шпенглер адунеи аҭоурых даҽа хәаԥшышьак дадгылаҩны дықәгылеит — ԥсы зхоу реиԥш, аира, ашьақәгылара, аԥсра раамҭақәа ирхысуа, еихьԥшым акультурақәа акыр ракәны. Данилевски иеиԥш иаргьы европоцентризм акритика азиуеит, аҭоурыхтә ҭҵаара аҭахрақәа ракәымкәа, ҳаамҭазтәи ауаажәларра иқәдыргылаз азҵаарақәа рҭак аԥшаара шхымԥадатәиу дазнеиуеит: аҭыԥтә культурақәа ртеориаҿы ари германиатәи ахәыцҩы мраҭашәаратәи ауаажәларра ркризис аилыркаа иԥшаауеит, уи египеттәи, антикатәи, егьырҭ ажәытә культурақәа зықәшәаз аилаҳара ахнагоит. Уанӡа икьыԥхьыз Риуккерти Данилевскии русумҭақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, Шпенглер ишәҟәаҿы атеориа ҿыцрақәа рацәамызт, аха абжьы ду ахылҵит, избанзар бызшәа еилккала иҩын, афактқәеи ахшыҩзцарақәеи рацәан, мраҭашәаратәи ацивилизациа зынӡа агәкаҳара азҭаз, европоцентризм акризис зырӷәӷәаз Актәи адунеизегьтәи аибашьра анхыркәшаха ашьҭахь икьыԥхьын.[12][13][14][азгә. 4]

Аҭыԥантәи ацивилизациақәа рыҭҵаараҿы акырӡа злагала дуу англыз ҭоурыхҭҵааҩ Арнольд Тоинби иоуп. 12 том иҟоу иусумҭа «Аҭоурых аилкаара» (1934-1961 шш.) аҟны Тоинби ауаатәыҩса рҭоурых еихишеит иаку аҩныҵҟатәи аҿиара асхема змоу аҭыԥантәи ацивилизациақәа жәпакы рыла. Ацивилизациақәа рцәырҵра, рышьақәгылара, ркаҳара адәахьтәи Анцәатә мчхараны, ааԥхьареи, аҭаки, ацареи, ахынҳәреи реиԥш иҟаз амзызқәа аныԥшуан. Шпенглери Тоинбии ргәаанагарақәа еицырзеиԥшу аҟазшьақәа рацәоуп. Аиԥшымзаара хада, Шпенглер иҿы акультурақәа зынӡа иахьеиҟәыҭхоу ауп. Тоинби иҿы акәзар, арҭ аизыҟазаашьақәа адәахьтәи аҟазшьа шрымоугьы, дара ацивилизациақәа рыԥсҭазаара иахәҭакуп. Иара изы, еилазаарақәак егьырҭ ианрыцло, ма хазы ианцо, уи алагьы аҭоурыхтә процесс аиԥымҟьара ахьеиқәдыршәо даараӡа акраҵанакуеит.[15]

Урыстәылатәи аҭҵааҩы Иу. В. Иаковец Дениел Белли Елвин Тоффлери русумҭақәа шьаҭас иҟаҵаны ишьақәиргылеит аконцепциа "адунеитә цивилизациақәа" иалкаау ҩаӡарак аҳасабала "ауаажәларра рдинамикеи ргенетикеи рҭоурыхтә ритм аҿы еибгоу системак аҳасабала, аматериалтәи адоуҳатәи еиҭарҿиара, аекономикеи аполитикеи, асоциалтә еизыҟазаашьақәеи акультуреи ахьеиларсу, иахьхеибарҭәаауа». Иара иеилыркаарақәа рҿы, ауаатәыҩса рҭоурых, зынҵыра нкылашьа амамкәа еиҵахо, ацивилизациатә аамҭақәа ритмла рыԥсахра аҳасабала иаарԥшуп.[16]

Ацивилизациақәа ралкаара ашәага-загақәа, урҭ рхыԥхьаӡара

Ацивилизациақәа ралкааразы акритериақәа ралагалара аҽазышәарақәа изныкымкәа имҩаԥыргахьан; убас, урыстәылатәи аҭоурыхҭҵааҩ Ҳ.Д. Фролов иусумҭақәа руак аҿы еиқәиԥхьаӡеит еиҳа ахархәара змоу реизга: агеополитикатә ҭагылазаашьақәа рзеиԥшра, жәытәнатә аахыс абызшәатә еиуара, аекономикатәи аполитикатәи шьақәгылашьеи, акультуреи (адинхаҵарагьы налаҵаны) аменталитети ракзаара, ма реизааигәара. Шпенглери Тоинбии инарышьҭарххны аҵарауаҩ иазхеиҵон «ацивилизациа аоригиналтә хаҭабзиара зыбзоуроу аструктуреиҿкааратә хәҭақәа зегьы роригиналтә ҟазшьеи урҭ даҽакы иаламҩашьо ракзаареи шракәу".[17]

Ацивилизациақәа рциклқәа

Иахьатәи аетап аан аҵарауаа иалыркаауеит ацивилизациатә ҿиара абарҭ аамҭақәа: аира, аҿиара, аизҳазыӷьара, аҿыцәаара. Амала аҭыԥантәи ацивилизациақәа зегьы аԥсҭазааратә цикл астадиақәа зегьы ирхысӡом, мҽхакы ҭбаала аамҭа ианысӡом. Урҭ рахьтә акык-ҩбак реишьҭагылара еиԥҟьоит аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны (ус ахьит, иаагозар, миноитәи ацивилизациа), мамзаргьы егьырҭ акультурақәа реидысларақәа ирыхҟьаны (Агәҭантәи Аладатәи Америка колумбнӡатәи ацивилизациақәа, аскифтә цивилизациашьаҭа).[18][19]

"Аира аетап аан" ицәырҵуеит ацивилизациа ҿыц асоциалтә философиа, уи амаргиналтә ҩаӡараҿы иааԥшуеит ацивилизациаԥхьатәи астадиа ахыркәшара аамҭазы (мамзаргьы уанӡатәи ацивилизациатә система акризис аизҳазыӷьара). Уи ахәҭақәа рахь иуԥхьаӡар ҟалоит ахымҩаԥгашьатә стереотипқәа, аекономикатә активра аформақәа, асоциалтә стратификациа ашәага-загақәа, аполитикатә қәԥара аметодқәеи ахықәкқәеи. Аилазаарақәа жәпакы ацивилизациатә ҳәаа изахымсыцызт, абнауаҩра, ма аварварра астадиа аҿы иахьаанхаз азы, аҵарауаа акраамҭа рҽазыршәон азҵаара аҭак аҟаҵара: "аԥхьаӡатәи ауаажәларраҿы ауаа зегьы иаку адоуҳатәи аматериалтәи ҭагылазаашьа зықәшәоз бжеиҳан еиԥшыз аԥсҭазаашьа рыман ҳәа агәаанагара ҟаҵазар, избан урҭ аилазаарақәа зегьы ацивилизациаҿы изымҿиаз?». Арнольд Тоинби игәаанагарала ацивилизациақәа ииуеит, иҿиауеит, агеографиатә ҭагылазаашьа еиуеиԥшым «ааԥхьарақәа» рҭакс рҽақәдыршәоит. Уи инақәыршәаны, иҭышәынтәалоу аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа рҿы инанагаз аилазаарақәа акгьы мԥсахкәа рыҽрықәыршәара рҽазыршәон, мамзаргьы — иааиԥмырҟьаӡакәа, ма иаалырҟьаны иааҳакәыршаны иҟаз аԥсабара аиҭакрақәа змаз асоциум хымԥада еилнакаар акәын аԥсабаратә ҭагылазаашьа ишахьыԥшыз, уи ахьыԥшымра аԥсыҽхаразы адинамикатә еиҭакратә процесс иаҿанаргылар акәын.[18][20]

"Аҿиара аетап аан" ишьақәгылоит, иҿиауеит ацивилизациатә система абазистә хырхарҭақәа аазырԥшуа иаку асоциалтә еиҿкаара. Ацивилизациа шьақәгылоит аиндивид исоциалтә хымҩаԥгашьеи ауаажәларратә институтқәа иашьашәалоу реилазаашьеи иалкаау модельк аҳасабала.[18]

Ацивилизациатә система "аизҳазыӷьара" зыдҳәалоу уи аҿиараҿы зхаҭабзиара ҳараку ахыркәшара, ихадоу асистематә институтқәа аҵыхәтәантәи рышьақәгылара ауп. Аизҳазыӷьара иацуп ацивилизациатә ҵакыра азеиԥштәреи аимпериатә политика арцыхцыхреи, уи инақәыршәаны ауаажәларратә система зхаҭабзиара ҳараку ахалаҿиара аанкылара иасимволуп ихадоу апринципқәа акыр инҭкааны рынагӡареи адинамикатә принципқәа рҟынтәи астатикатә, ахьчаратә принцип ахь аиасреи ирылҵшәаны. Уи ацивилизациатә кризис шьаҭас иамоуп — адинамика, имҩақәызҵо амчқәа, аҿиара аформа хадақәа хаҭабзиарала рыԥсахра.[18]

"Аҿыцәаара аетап аан" ацивилизациа акризистә ҿиара, асоциалтә, аекономикатә, аполитикатә конфликтқәа акырӡа реибарххара, адоуҳа аԥҽра астадиахь ииасуеит. Аҩныҵҟатәи аинститутқәа рырԥсыҽра ауаажәларра адәныҟатәи агрессиазы иуашәшәыраны иҟанаҵоит. Аҵыхәтәаны ацивилизациа ма аҩныҵҟатәи аилаҩеиласраан, мамзаргьы ампыҵахалара иахҟьаны иҭахоит.[18]

Акритика

Питирим Сорокин

Данилевски, Шпенглер, Тоинби рконцепциақәа аҭҵаарадырратә еилазаараҿы еиуеиԥшымкәа ирыдыркылеит. Урҭ русумҭақәа ацивилизациақәа рҭоурых аҭҵаара аганахьала ифундаменталтәу усумҭақәаны ишыԥхьаӡоугьы, ртеориатә усумҭақәа акритика ӷәӷәа рзыруит. Ацивилизациатә теориа иашьҭанеиуа акритикцәа дыруаӡәкны дықәгылеит аурыс-америкатәи асоциолог Питирим Сорокин, уи иазгәеиҭеит "арҭ атеориақәа зегь иреиҳау рыгха ӷәӷәа акультуратә системақәеи асоциалтә системақәеи (агәыԥқәеи) реилаӡҩара шакәу, ахьӡ "ацивилизациа“ акыр еиуеиԥшым асоциалтә гәыԥқәеи урҭ рзеиԥш культурақәеи ишрырҭо — зны аетникатә, зны адинхаҵаратә, зны аҳәынҭқарратә, зны аҵакыратә, зны еиуеиԥшым афакторрацәатә гәыԥқәа, мамзар дара ирымоу еизаку акультурақәа змоу еиуеиԥшым аилазаарақәа рконгломератгьы», уи иахҟьаны Тоинбии иаԥхьанеиҩцәеи ацивилизациақәа ралԥшаара акритериа хадақәа рзымҳәеит, урҭ рхыԥхьаӡара иаша еиԥшҵәҟьа.[21]

Николаи Крадин

Аҭоурыхҭҵааҩ-мрагылараҭҵааҩы Л.Б. Алаев иазгәеиҭоит ацивилизациақәа ралкаара ашәага-загақәа зегьы (агенетикатә, аԥсабаратә, адинхаҵаратә) даара ишуашәшәыроу. Акритериқәа ыҟамзар, дара рҳәаақәеи рхыԥхьаӡареи реиԥш, иахьа уажәраанӡагьы еимактәыс иаанхо аилкаара «ацивилизациагьы» ашьақәыргылара залшом. Уи адагьы ацивилизациатә знеишьа аҭҵаарадырра аҳәаақәа ирҭыҵуа, шамахамзар «адоуҳара», атрансцендентра, алахьынҵа уҳәа ирыдҳәалоу аилкаарақәа ирызхьаԥшуеит. Абарҭқәа зегьы азҵаара ықәдыргылоит ацивилизациақәа ирызку аҵара аҿхьынӡаҭҵаарадырратәу азы. Аҵарауаҩ, иара иеиԥшу аидеиақәа, аперифериатә капитализм атәылақәа рылԥшаахқәа абжьааԥны аԥырак ахь ишышьҭырхуа, аиҵахара ацынхәрас ртәылақәа «рҷыдареи» «рымҩа ҷыдеи» рылацәажәара еиҳа еиӷьазшьо, «адоуҳатә» Мрагылара «аматериалтә, ибаауа, иаӷоу» Мраҭашәара иаҿазыргыло, мраҭашәараҿагыларатә гәалаҟазаарақәа цәырызго, ирыдгыло азгәеиҭоит. Ас еиԥш иҟоу аидеиақәа урыстәылатәи аналог евразиара ауп.[22]

Аетнолог В.А. Шнирельман иҩуеит ацивилизациатә знеишьаҿы акультура ахшыҩзышьҭра шарҭо, ари аилкаара ахыгагаареи ауадаҩреи ирыхҟьаны, ацивилизациақәа ралкаара акритериқәа еилыкка рышьақәыргыларагьы шзалымшо. Зны-зынлагьы, ацивилизациақәа рҳәаақәа рышьақәыргылараан, амилаҭеилыхратә идеиақәа ирықәныҟәоит. Асовет мчра ашьҭахьтәи Урыстәыла (аҭҵаарадырратә еилазаарақәа рҿгьы) ацивилизациатә знеишьа зеиԥш ҟамлац ахыԥша аҵарауаҩ, СССР анеилаҳа ашьҭахь, ауаажәларра зымҽхазкыз ахаҭара акризис ауп ҳәа аилыркаа ҟаиҵоит. Уи аҿы иҷыдоу ароль наргӡеит, иара игәаанагарала, еицырдыруа Л. Гумилиов ихшыҩхәыцрақәа. Урыстәыла ацивилизациатә знеишьа алаҵәара аизҳазыӷьара анеоконсервативтә, амилаҭеилыхратә, анеофашисттә идеологиақәа аԥыжәара анрымаз аамҭа иақәшәеит. Мраҭашәаратәи антропологиа уи аамҭазы ацивилизациақәа ирызку аҵара мап ацәнакхьеит, акультура иаарту, исистемадоу аҟазшьазы алкаа ҟанаҵахьеит.[23]

Урыстәылатәи аҭоурыхҭҵааҩ Н. Н. Крадин Мраҭашәара ацивилизациа атеориа акризиси асовет мчра ашьҭахьтәи атәылақәа иахьрыҵаркуа уи алаҵәара шеизҳази ртәы абас иҩуеит:

XX ашә. аҵыхәтәантәи аԥшьбарак азы аӡәырҩы ацивилизациатә методологиа алагалара ҳџьынџьтәылатә теоретикцәа адунеитә ҭҵаарадырра аԥхьагылара змоу аҳәаақәа рахь икылнагап ҳәа иақәгәыӷуазҭгьы, уажәы ас еиԥш иҟоу аиллиузиақәа ирԥырҵтәуп. Ацивилизациатә теориа адунеитә ҭҵаарадырраҿы ирылаҵәаны иҟан шәышықәсабжа раԥхьа, уажәы уи акризистә ҭагылазаашьа амоуп. Аҳәаанырцәтәи аҵарауаа аҭыԥантәи аилазаарақәа рыҭҵаара, аҭоурыхтә антропологиа апроблематика, есҽнытәи аҭоурых адҵаалара еиҳа еиӷьаршьоит. Ацивилизациақәа ртеориа еиҳа активла аус адырулоит аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы (аевроцентризм альтернативак аҳасабала) иҿиауа, асоциалистшьҭахьтәи атәылақәа рҿы. Ари апериод иалагӡаны иалкаау ацивилизациақәа рхыԥхьаӡара иаалырҟьаны — иарбанзаалак аетникатә гәыԥ ацивилизациатә статус аҭараҟынӡа ишьҭыҵит. Убри инамаданы, ацивилизациатә знеишьа «аԥсыҽқәа ридеологиа», ҳаамҭазтәи адунеи-система иҿиоу атәылақәа аетникатә милаҭеилыхра раҿагылара аформа аҳасабала иахцәажәаз И.Валлерстаин игәаанагара ақәшаҳаҭымхара уадаҩуп.[24]

Аҭоурыхҭҵааҩ, афилософ Иу.И. Семионов ацивилизациатә знеишьа ацнагаҩцәа рхатәы хшыҩхәыцрақәа ҭҵаарадырратә ҵакык шрымамыз азгәеиҭоит: «[Амарксизм] ари аус зыдулоу акатегориатә аппарат змоу аҭоурых афилософиа аконцепциа заҵәык ауп. Уи иаҿырԥшӡам уажәы ҳфилософиатәи ҳҭоурыхтәи литератураҿы иҳараркуа «ацивилизациатә знеишьа», уи иамоуп еилкаара заҵәык — «ацивилизациа», еиҳа ииашаны иуҳәозар, аилкаарагьы акәымкәа, еиуеиԥшым авторцәа зынӡа ихаз-хазу аҵакқәа зырҭо ажәагьы. Ари азнеишьа иазку семинарк аҿы, ажәахәҟаҵаҩ идгылаҩцәа ажәа «ацивилизациа» иарҭо 22 ҵакы иԥхьаӡеит. Зынӡа иџьашьатәӡам, ари азнеишьа иазку ацәажәарақәа зегьы иҭацәу аҟынтәи изҭыкко ахь риагара акәны иахьыҟоу». Убри аан, аҭоурыхтә процесс имариоу инаркны иуадаҩу ахь анеира аԥсыҽрақәа ахьырбаз, арҽеира ахьалдыршаз ала, дара иалкаау ароль ҵоура наргӡеит.[25][26]

Аҭоурых аҿы ацивилизациатә знеишьа акритика азиуеит асоциологиатә ҵаарадыррақәа рдоктор М.И. Бобров.[27]

И.Г. Иаковенко иазгәеиҭоит ацивилизациақәа ртеориа аметодологиа апроблемақәа жәпакы: ацивилизациақәа иаку рметодологиеи рсистематикеи ыҟаӡам.[28]

Иахьатәи аамҭазы (2014 шықәса) аусура иацнаҵоит есшықәсатәи аконференциақәа мҩаԥызго, ажурнал «Comparative Civilizations Review» ҭзыжьуа «Ацивилизациақәа реиҿырԥшратә ҭҵаара Жәларбжьаратәи аилазаара».

Акомментариқәа

  1. ↑ Бенвенист урҭ инарҭбааны дрылацәажәоит астатиа «Ацивилизациа. Ажәа аҭоурых ахь» аҿы.
  2. ↑ Азҵаара аҭоурыхҭҵаара шәахә. астатиа Nikolay N. Kradin аҟны. Archaeological Criteria of Civilization
  3. ↑ Изхәаԥшу аҭоурыхтә индивидқәа Н. И. Данилевски акультура-ҭоурыхтә хкқәа, баша акультурақәа, ацивилизациа ҷыдақәа, аҭоурыхтә ҵакқәа ҳәа дрышьҭоуп. Иара убас атермин «ацивилизациа», инеиԥынкыланы рхы иадырхәомызт аҭыԥантәи ацивилизациақәа ртеориа ашьақәгылара анырра азҭаз егьырҭ ахәыцыҩцәагьы, амала уи дара ари аконцепциа ашьаҭакҩцәа ҳәа рыԥхьаӡара иаԥырхагам.
  4. ↑ Аилкаара «аҭыԥантәи ацивилизациа» ацынхәрас, Шпенглер ихы иаирхәеит аилкаара «акультура». Ацивилизациа иара иеилкаараҿы «акультура аҭашәара» акәын, уи аилаҳара астадиа акәын, ажәларқәа, абызшәақәа, аҽазыҟаҵарақәа, аҟазара, аҳәынҭқаррақәа, аҭҵаарадыррақәа рформала алшарақәа реизак зегьы анагӡара ашьҭахь акультура злало. Акультура рҿиаратә лагамҭак аҳасабалеи, ацивилизациа акультура ҭархагак аҳасабалеи реиҿагылара еицрыдыркылахьоу акакәны иҟамлеит, зынӡаск «шпенглертәны» иаанхеит. Ерасов

Азгәаҭақәа

  1. ↑ Пономарев, 2000, с. 28.
  2. ↑ Семенов, 2003, с. 114—115.
  3. ↑ 3,0 3,1 3,2 Семенов, 2003, с. 152.
  4. ↑ Февр, 1991, с. 239—247.
  5. ↑ Старобинский, 2002, с. 110—149.
  6. ↑ Бенвенист Э. Глава XXXI. Цивилизация. К истории слова = Civilization. Contribution à l'histoire du mot // Общая лингвистика. — М.: URSS, 2010.
  7. ↑ Фергюсон, 2000.
  8. ↑ "Д. Ф. Терин «Цивилизация» против «варварства»: к историографии идеи европейской уникальности". Иархивтәоу аоригиналзы 4 абҵарамза 2016 ахь. Ириашоу 2 абҵарамза 2016 шықәсазы.
  9. ↑ Пономарев, 2000, с. 55.
  10. ↑ 10,0 10,1 Ерасов Б. С. Сравнительное изучение цивилизаций: Хрестоматия: Учеб. пособие для студентов вузов
  11. ↑ 11,0 11,1 11,2 И. Н. Ионов. Рождение теории локальных цивилизаций и смена научных парадигм // Образы историографии : Сб.. — М.: РГГУ, 2001. — С. 59—84. — ISBN 5-7281-0431-2.
  12. ↑ П. Сорокин. О КОНЦЕПЦИЯХ ОСНОВОПОЛОЖНИКОВ ЦИВИЛИЗАЦИОННЫХ ТЕОРИЙ. Сравнительное изучение цивилизаций
  13. ↑ Семёнов Ю. И. Философия истории. — С. 174—175
  14. ↑ Кузык Б. Н., Яковец Ю. В. Цивилизации: теория, история, диалог, будущее. — Т. 1. — С. 47-48
  15. ↑ Репина, 2006, с. 219—220.
  16. ↑ Яковец Ю. В. Становление постиндустриальной цивилизации.— М., 1992. — С.2
  17. ↑ Фролов, 2006, с. 96—100.
  18. ↑ 18,0 18,1 18,2 18,3 18,4 Пономарев, 2000, с. 56—57.
  19. ↑ Кузык Т.1, 2006, с. 92.
  20. ↑ Прокофьева, 2001, с. 72.
  21. ↑ Сорокин П. Общие принципы цивилизационной теории и её критика. Сравнительное изучение цивилизаций
  22. ↑ Алаев Л. Б. Смутная теория и спорная практика: о новейших цивилизационных подходах к Востоку и к России Архив ҟаҵан 2013-06-15 азы Wayback Machine аҟны. // Историческая психология и социология истории. 2008. № 2.
  23. ↑ Шнирельман В. А. Слово о «голом (или не вполне голом) короле» Архив ҟаҵан 2018-03-10 азы Wayback Machine аҟны. // Историческая психология и социология истории. 2009. № 2.
  24. ↑ Крадин, 2009, с. 166—200.
  25. ↑ Ю. И. Семенов. Материалистическое понимание истории: недавнее прошлое, настоящее, будущее // Новая и новейшая история. 1996. № 3. С. 80-84
  26. ↑ 2.7. Развитие плюрально-циклического взгляда на историю в XX веке Архив ҟаҵан 2012-06-29 азы Wayback Machine аҟны. // Семенов Ю. И. Философия истории. (Общая теория, основные проблемы, идеи и концепции от древности до наших дней). М.: Современные тетради, 2003.
  27. ↑ izvestia.asu.ru Архив ҟаҵан 2014-11-09 азы Wayback Machine аҟны. с. 6
  28. ↑ И. Г. Яковенко Цивилизационный анализ, проблема метода. // Проблемы исторического познания. — М.: Наука, 1999. — Тираж 600 экз. — С.84 — 92

Алитература